Ԥачлиаԥҳа еиҭалҳәеит аҵарауаа ҿарацәа III рфорум амҩаԥысшьа атәы
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аботаникатә институт аҟны имҩапысуаз аҵарауаа ҿарацәа III рфорум хыркәшоуп. Уи иалахәын аҭҵаарадырраҿы раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵахьоу аҵарауаа — аҭоурыхҭҵааҩцәа, абиологцәа, амедикцәа, афизикцәа, аекологцәа, азиндырыҩцәа. ААР ахылаԥшрала имҩаԥысуаз афорум аҿы агуманитартә, афизика-математикатә, аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рзы асекциатә еилатәарақәа, еиуеиԥшым атемақәа ирызку ажәахәқәа мҩаԥган. ААУ афизика-математекатә факультет арҵаҩы Есма Пачлиаԥҳа арадио Sputnik аҟны инарҭбаан ари аусмҩаԥгатә далацәажәеит. Шәахәаԥш инеиҵыху аиҿцәажәара.
Название:
Ԥачлиаԥҳа еиҭалҳәеит аҵарауаа ҿарацәа III рфорум амҩаԥысшьа атәы
Категория:
Интервью